К списку песен

Шәнеибац, шәнеибац,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа.
Аҧсны азыҳәан
Ашьа казҭәаз,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа.
Ахақәиҭраз
Ашьа казҭәаз,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа.


О-ҳо-ҳо-о ҳо-о-Рада
О-ҳо-ҳо-о ҳо-о-Рада-Ра!
Ажәҩан мрадоуп, еҵәадоуп
Уара уда Аҧсынра!
Еҵәa-бырлаш Аҧсынтәыла,
Улҧха згәаҵақәа ирҭыҧхо,
Геи-шьхеи рыҧшӡара зыҧшнылаз.
Жәлар ламысла иҳаракхоит.


Рада, Реида, Рарира
Рада, Рерама, Рерашьа.
Нарҭаа риирa-зиироу
Афырхацәа Ран-Гуашьа
Аҧсынтәыла-иҧшьоу атәыла
Ихы здиныҳәалаз Анцәа
Зқьышықәасала имҩасхьо гылоуп
Рыжәҩа еибырҭоит уҧацәа.


Шәнеибац Аҧсныжәлар!
Аишьцәа, шәнеибац!
Нхыҵ-аахыҵ ҳаицуп!
Ҳазшаз илаҧш
Ҳхыуп иаҳхымшәо
Ҧеиҧш лаша ҳзыҧшуп!


Шәнеибац, Аҧсныжәлар,
Игылеит ҳамра,
Иақәым ҭашәара!
Урылагәыргьа,
Анра-ахшара
Шьардаамҭа, Аҧсынра.
Hosted by uCoz
Яндекс.Метрика