To songs list

Ашьыжьымҭан зашьа дыршьыз
Ашьыбжь аанӡа зашьа ишьа зуз
Салуман ахаҵа!
Шәақьк иҭыҵыз хык азыҳәан
Ҵлак згәы ҭрысны иавамгыло
Салуман ахаҵа!

О-рад Уасараида
О-рад Сиуараида
Салуман ахаҵа о!
О-рад Уасараида
О-рад Сиуараида
Салуман ахаҵа о!

Ҧҳәыск илыхшаз аӡә изыҳәан
Амҩахәасҭа имҩахымҵуаз
Салуман ахаҵа о!

Аҭауадцәа жәлар зыргәаҟуаз
Иашьа дышьны ибналақәаз
Уа дырхьымӡеи уа!

О-рад Уасараида
О-рад Сиуараида
Салуман ахаҵа о!

О-рад Уасараида
О-рад Сиуараида
Салуман ахаҵа о!

Иаҧсуа кәымжәи ихҭырҧа рқьақьеи
Ҽыхәа иаҵәа ҽырҧа-ҽырҧо
Салуман ахаҵа о!

Зыҧсадгьылаҿ зашәахә камшәо
Анхаҩыжәлар рыхьыӡ ҭызгаз
Салуман ахаҵа о!

О-рад Уасараида
О-рад Сиуараида
Салуман ахаҵа о!

О-рад Уасараида
О-рад Сиуараида
Салуман ахаҵа о!

Ашьыжьымҭан зашьа дыршьыз
Ашьыбжь аанӡа зашьа ишьа зуз
Салуман ахаҵа!

Шәақьк иҭыҵыз хык азыҳәан
Ҵлак згәы ҭрысны иавамгылоз
Салуман ахаҵа!
О-рад Уасараида
О-рад Сиуараида
Салуман ахаҵа о!

О-рад Уасараида
О-рад Сиуараида

Hosted by uCoz