Ашьх’арыуа цәажәашьа

Зыҧҳәыс лыгәра зымгаз.

1. «Уҧҳәыс лыгәра умган» - ҳәа, ззырҳәо абри иауаны ак’ басҳәот сара. Рыцҳак дыҟан. ГIвыцәк иман. У’еиҳа аҽы имаӡамыз. Хыҩык ахәычқәе иман. Акартош илеиҵеит. Нас аҵыхра иезааигәо иналага изҭыиҧсарыз адгьыл ижын. Ижаз зеиҧшраз уи он: хәа-ҳаракын иаман, абрауа ижан. Иаакыижьын даҟәыҵт. Шьҭа ажра ибжа-жны, ҧхызны ус ибыоон: абри ажрагьы уаҟәыҵны, абас удықәланы угIвыцәкгьы иҭии. Уигьы быгIвныфаны иаашьҭых! Нас мыӡкы уныҟәашьҭа - иеиҳәеит - умӡ ехьыҵызыр аҽны шьубжьан аан хъаҳәкы уақәсәушт, џьыузым ахъаҳә иақәзушеит. Ауи аџьыузым аахәаны ифа! - иҳәеит. Ус ҧхыз ибоон.

2. Нас аҧхыз ибаз ишыйбаз еҧш даныҟәеит. Ахъаҳәди дақәсәеит. Аџьузым аахәан, ифеит. АбыгIвыныфагьы инҵәеит. Уожәа ахъа игIвымпыкла иныйклан дыхъвыцт. Ихъвыца уи оп: Уожәа изыуеи, сыцәқәа иаарҭнысхыз (аҧара, ахча) салгеит, инҵәеит. Сыгьежьыри, агIвны сызцом, абыгIвныфа сымаӡам. Снеирықәын сыҧҳәыс иласҳәози «ацәқәа йабау?» лҳәари, иласҳәози. «Исҭит» - сҳәарын иаарҭнысхыз аҧара сымаӡам, инҵәеит. Нас « Анцәе иҳәо ҟалап - иҳәан – абри агород аҟны слеип» - иҳәан – агород ак’ ааигәаны иҟан – агород дцеит. Амла дакын, ауаҟа ауаа кр’ахьырфоз асҭалаво аҟны днеит. Ауаа беиақәа акрызфоз асҭалаво аҟны дырҧша дгылан. Акрырфан, ингIвагыла нас айшәе иаақәхаз йаайзкны, акрыфара далагеит. Ахазен, асҭалаво зтыз «Уоро узуҩыда?» - ҳәа, дыйзҵааит. – «Сара сызакәу уасҳәари, адара акыр инаӡыоот».

3. Нас ахазен ус йейҳәеит: «Узықәсәаз саҳә!» - иҳәеит. Нас арии аҭҳамада иаацәырыйган дашыҟалақәаз, ҧхызны ибаз йейҳәеит. «Ах’а быгIвныфагьы сымам, сыҧарақәагьы нҵәеит». Ус ‘нейҳәа, Ани ахазаин дычычеит – «уара « ҧхыз збеит» - ҳәа, уцәқәагьы иҭиины, ҽыхъырҵәҵәаны абранӡа узаай? - иҳәеит. – Сара шыкәсык аахъыс ҧхызн избойт: Абри еҧш қыҭак абас ахәак амоуп. Ахәы йамоу, абра уцаны ижы, хьны гIвыуолырк абра иҵагылоуп - ҳәа». Ақыҭ ахьыӡгьы излашьҭо абри ауп - ҳәа, йааейҳәейт. Агәарҧ зту абри акәып-ҳәа, дааейҳәейт. Ақыҭагьы уи аҭҳамада ақыҭын, агәарҧгьы йаре игәарҧоуп. Ахьы изҭагыло ахәа аҭаҳмада ижны икыижьыз-оуп. Нас дгьежьын мыӡкы дыныҟәан, даайхт игIвны. Иҧҳәыс – «Уабаҟаз?» - лҳәан, дыйҵаайт. – «Сныҟәайт абрахь». «Уцәқәа ебаҟо?» - лҳәейт. – «Сыцәқәа ирыламшахт иказжьт» - иҳәейт. Нас иҧҳәысгьы дыҵәыуойт.

4. ГIвымшк аҟара ҧсыйшьеит. Нас «адгьыл зжыроуп» - иҳәейт. Аҧыхь ехьыйжыз абраа далаган, ажра ижыйт. Уолырқәа гIвыба рызна ахьы ҟаны ибейт. Ицәырыймгон. Дыхъвыцт, «ицәырызгари, исымырхп» - иҳәаны, дшәейт. Иҧҳәыс инлейҳәушан, «аӡәи йаҳәар (!)» - иҳәан. Дшәоот, изымҳәейт. Ус иаайхъвыцт: акәтуҵараҿы длейн кәтаҕьк аайхәет. Акәтаҕь ейқә’ иҭыйҵан, даайн, дтәейт аҩныҟа, иҧҳәыс лҟны. «Узаай, уус кажьны, акры змууцт уожәгьы» - лҳәейт. Аҭҳамада ус иҳәейт: «Сыҩныҵаҟа сыхьейт» - иҳәейт. Нас йейқәа инапы лҭыйшьын, кәҭаҕьк ааҭыйхт. «Бара акәтаҕь сҵейт ббо!» - иҳәан, акәҭаҕь йейқәа ааҭыйхын илыйрбейт. «Аӡә-иабымҳәан! - иҳәеит - акәтаҕь зҵо уоҩ дҟамлаӡацт - иҳәейт – арии аӡәы йанйабҳәа сыршьеит». – «Ибзиоп, сҳәом. Уаргьы умҳәан!» - лҳәейт. Нас илзымычҳайт, лыгәла-ҧҳәыс илалҳәейт, лыгәла-ҧҳәысгьы даҽаӡәи илалҳәейт. Ус мацара аҳәынҭқар идырт, йаҳайт. Дыйҧхьан, дыйгейт аҭаҳмада. Аҳәынҭқар дыйҵаайт: «Уара абри еҧш иҟамлаӡацт зангьы, ак’ ази иуҳәейт, исаҳә!» - иҳәейт. Аҭҳамада йаацәырыйган, ишыҟалаз йейҳәейт. Ахьы ‘нйоу иҧҳәыс лыгәра ишыймга, «абри акәтаҕь сейқәа иҭасҵап-шьҭа «исҵейт» - ҳәа, иласҳәап. Абри илзыҵәахазари, абри аҧарагьы илҵәахейт, иҳазынхойт-ҳәа абри аҳайсабла иласҳәейт. Илзымҵәахт, уору уҿи йааӡейт. Иззызуз сыҧҳәыс лыгәра-мгара акәып. Уара сыусасуп, иуҭах’у сызыу, унапы сануп» - иҳәейт.
Абри оуп аҧҳәыс лыгәрагара зыцәқьо.
1947 ҫыкәҫаҙы, Ҧсҳәы ақыҭан, Қь. Ломҭаҭиӡе ианылҵеит.
Азәабжьҳәаҩы диит Х’әыжәду ақыҭан, ихьӡи ижәлеи арбаӡам, 66 ҫ. их’ыҵуан.


Home Phonemes Greetings Grammar basics Simple phrases Stories Abkhazian dialects Contacts

На главную Абхазские звуки Приветствия Основы грамматики Простые фразы Рассказы Абхазские диалекты Контакты



Hosted by uCoz
Яндекс.Метрика