О, Сасрыҟәа, Сасрыҟәа, митәы еиқәаҵәа зҧеиҧшыз.
Иарҧысрахь дымнеицызт, зынӡа дыҷкәынӡан,
Ахәысхәа гәыӡа – ибырфын ҧаҵа еинышәшәылон.
Ҽнак зны днеиуан, ишьапы неиҵихырц,
Ҵла зықәгыламыз дәышкәаҕьазк дықәлан,
Шәахәацк зхыршәламыз ажәҩан кеикеиуан,
Шьыбжь агәы хыҵхьан, амра иҿагәыбзыҕуан …
Игага кахәхәа ишьҭаҧало ишьҭан …
Ус аҵырҵырҳәа иаамацәысны идыдит,
- Ҳаи џьушьҭ, иҟалазеи, амш каҵәа шыҟаз? –
Сасрыҟәа дхарахапшуа дааҭгылеит.
- Усҟак иџьаумшьан, уи башангьы иҟамлеит,
Ҧеиҧшк уаҳарц уҟоуп иахьа, Сасрыҟәа!
- Изҳәо уарбан? - даақәгьежьуеит Нарҭаа реҵбы.
Абар аџьашьахәы, игага ауп ицәажәо:
- Иахьа узқәымтәаз Бзоузаҵәык ада
Ҭынха дышумам удыруаз, Сасрыҟәа!
Ҳаи, уара сыгагажә цәырҟьа-цәырас,
Ашьа уҿашәааит, иуцәажәашьоузеи?
Ҧшьынҩажәа зежәҩык аишьцәа сыдгылоуп,
Нас арахь ҭынха думам захьӡузеи?
- Ҧшьынҩажәа зежәҩык рахьтә иашьа думаӡам,
Ҧшьынҩажәа зежәҩык ҕас ущьҭызхуа роуп !
О, ҳацаҟь иагәылырхыз Нарҭаа реиҵбы,
Иудыруеит, уахьцалакь угага шушьҭоу,
Убасоуп Нарҭаагьы ашәиҧхьыӡ шшәыщьҭоу !
Иузычҳауазар, уааӡырҩы, Сасрыҟәа.
Нас уи ашәиҧхьыӡ зеиҧшроугьы уасҳәап:
«…Ацәгьа рылазҵо – уас дыҩнардауа,
Абзиа рылазҵо – ҕас дышьҭырхуа,
Дара анииуагьы – ашьыцра рыциуа,
Ҷан-ҷаны еибафо, рыблақәа ҭибахуа,
Реибафарагьы – изҭахым далачо,
Реиҳа рзыҟазҵаз, реиҳа дшьыцырго,
Уи длаҧшықәҵан, ишьырҭа рибамҭо,
Ирызҵоу ада, зҳашьа рымамкәа,
Рыхәҵәы иқәибахаанӡа, адгьыл ианызааит!»

- Иуҿыҵҳәацәазеи, сыгагажә, хаҿыда, Ацәгьа уршуазаап аишьцәа рыбжьара! –
Иаҳәа ҭҕәыцә Сасрыҟәа игага дазыҭрысит,
Аҵырҵырҳәа имацәысны, ҩаҧхьа идыдыхит…
Аҧсҭҳәқәа цәырҵын, ажәҩан еимгәахулеит,
Игага абаҟаз, уаҵәҟьа инышьҭабеит.
Сасрыҟәа дхынҳәит ихы имагәыхьха,
Даауеит Сасрыҟәа адәышкәаҕьаз дықәланы,
Амитә дызлаҧшыз иашьцәа рахь изцәыргом,
Зыгага иацәшәаз ҳәа ихыччар ҟалоит.
Амитә иаҳаз иан лахьгьы изырзом,
Нанхеит, сыҷкәын, лаҧшҵашәарак уажьеит,
Гага мцәажәаӡацт ҳәа дааччар ҟалоит!
Даауеит Сасрыҟәа ихы имагәыхьха,
Даауеит Сасрыҟәа адәышкәаҕьаз дықәлан.
Hosted by uCoz
Баграт Шьынқәба ишәҟәы «Ахаҳә еиҩса» аҟынтә.

Home Phonemes Greetings Grammar basics Simple phrases Stories Abkhazian dialects Contacts

На главную Абхазские звуки Приветствия Основы грамматики Простые фразы Рассказы Абхазские диалекты Контакты